Дишама Анцәа Аџьныш?
Абиблиа иаҳәо
Абиблиа излаҳәо ала, Анцәа Аџьныш димшаӡеит. Иара иишаз адоуҳатә шамҭоуп, убри иоуп ԥыҭрак ашьҭахь иџьнышхаз. Анцәа изкны Абиблиа иаҳәоит: «Иара... иусқәа наӡоуп, имҩақәа зегь иашоуп. Иара — ахаангьы аиашамра аазмырԥшуа, азиашара злоу Анцәа иоуп, иара диашоуп, амц иҳәаӡом (Ҩынтәзакәан 32:3—5). Уи иҳаилнаркаауеит Аҩсҭаа Аџьныш уаанӡа зны дшынаӡаз, дышиашаз, Анцәа имаалықьцәа дшыруаӡәкыз.
Иисус Иоанн 8:44 аҿы Аџьныш «аҵабырг мап ацәикит» ҳәа иҳәеит, ус акәзар, Аҩсҭаа уаанӡа зны аиаша иҳәон, гәнаҳагьы имаӡамызт.
Аха ахшыҩ змоу Иегова ишамҭақәа зегь реиԥш ԥыҭрак ашьҭахь иаҩысҭаахаз амаалықьгьы ацәгьеи абзиеи ралхра ахақәиҭра иман. Анцәа иҳәатәы дахыԥаны даниҿагыла, раԥхьатәи ауаагьы иара иахь ианииаига, даҩысҭаахеит, уи иаанагоит «Аҿагылаҩ» (Аҟазаара 3:1—5; Аатра 12:9).