АЗҴААРА 5
Иарбан тема хадоу Абиблиа иану?
«Сара аԥҳәыси уареи аиӷара шәыбжьалартә иҟасҵоит, уара иухылҵуеи лара лхылҵи рыбжьарагьы аиӷара бжьасҵоит. Уара уи ишьхәа уацҳауеит, иара ухы даӷрагыланы ирҟьацуеит»
(Аҟазаара 3:15).
«Иухылҵуа ила адгьыл иқәынхо ажәларқәа зегь ныҳәахоит, избанзар уара сара усзыӡырҩит»
(Аҟазаара 22:18).
«Иааиааит Уаҳра. Иҟалааит уара иуҭаху ажәҩан аҿы еиԥш, адгьыл аҿгьы»
(Матфеи 6:10).
«Иаарласны аҭынчра ҳазҭо Анцәа амчра шәиҭоит, Аҩсҭаа дыцҟьа-шәҟьа дықәышәҵарц азы»
(Римаа 16:20).
«Анцәа зегьы Иԥа ишьапаҿы ианышьҭеиҵалак, Аԥа ихаҭагьы ишьапаҿы зегь шьҭазҵаз Анцәа инапы зегь аниҵоит, Анцәа зегьы рзы зегь иакәны дҟаларц азы»
«Анцәа ажәа зиҭаз Авраами уи ихылҵи роуп. ...Уи — Христос иоуп. Христос шәитәызар, Авраам ихылҵыз шәакәҵәҟьоуп»
(Галатаа 3:16, 29).
«Уажәшьҭа Ҳанцәеи Ҳанцәа Христос иакәны иалихызи Раҳра ауаа зегьы напхгара рызнауеит, иара наӡаӡа аҳас дыҟазаауеит»
(Аатра 11:15).
«Убас агәылшьаԥ ду — ажәытә маҭ — адунеи зегь зжьо, Аџьныши Аҩсҭааи ҳәа изышьҭоу, алырбганы адгьыл ахь икажьын, иалырбганы икажьын уи амаалықьцәагьы»
(Аатра 12:9).
«Иара агәылшьаԥ, ажәытә маҭ, ааи, Аџьныш Аҩсҭаа дыкны, 1000 шықәса ҳәа деиқәԥах дҿеиҳәеит»
(Аатра 20:2).