Апостолцәа иҟарҵоз аусқәа 26:1—32
26 Агри́ппа Павел иеиҳәеит: «Ахыхьчаразы ажәа умоуп, иҳәала». Усҟан Павел инапы дҩахан, ус иҳәеит:
2 «Аҳ Агри́ппа, сара даара сеигәырӷьоит, ауриацәа исыдырҵо ахара шиашам даҽаӡәы иҿаԥхьа акәымкәа, уара уҿаԥхьа иахьа аҳәара ахьсылшо, схы зласыхьчаша ажәа ахьысҳәо,
3 избанзар уара ибзианы иудыруеит ауриацәа рҵасқәеи ирзеимакыроу азҵаарақәеи. Убри аҟынтә, суҳәоит, ачҳара аарԥшны усзыӡырҩы.
4 Уаанӡа сыздыруаз ауриацәа зегьы ирдыруеит схәыҷаахыс сыжәлар рыбжьареи Иерусалим саныҟази сыԥсҭазаашьеи схымҩаԥгашьеи зеиԥшраз.
5 Ирҭахызар, рхаҭа ирҳәар рылшоит сара сышфарисеиз. Афарисеицәа егьырҭ ауриацәа раасҭа азакәан анагӡара аганахь ала еиҳагьы иџьбарақәоуп.
6 Аха уажәы Анцәа ҳабацәа зықәиргәыӷыз агәра ахьызго азы аӡбарҭаҿы сгылоуп.
7 12 биԥара зыгәра рго ауп саргьы зыгәра зго. Дара уахи-ҽни гәыкала Анцәа имаҵ уа, ргәыӷра анынаӡо ҳәа иԥшуп. Убри агәыӷроуп, саҳ, ухаҵкы, ауриацәагьы сзыхдырҟьо.
8 Избан Анцәа иԥсхьоу рыԥсы изҭаҵом ҳәа шәгәы изаанаго, уи ҟалашьа амам ҳәа зышәыԥхьаӡо?
9 Саргьы исуалуп ҳәа сыԥхьаӡон, назареттәи Иисус сиҿагыларц азы исылшоз зегь аҟаҵара.
10 Убри ауп Иерусалим сызҿыз. Аԥшьаҩ еиҳабацәа рҟынтә азин ансоу, имаҷҩымкәа аҵаҩцәа* абахҭа иҭаскуан, иршьырцгьы ргәы ианҭаз, саргьы сақәшаҳаҭын.
11 Сара урҭ синагогацыԥхьаӡа срышьҭашәарыцон, зныкымкәа иахьсырхәхьан, рхаҵара́ мап ацәыркырц азы. Убриаҟара ргәаӷ сыман, егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы срышьҭашәарыцон.
12 Убри аус аҵыхәала аԥшьаҩ еиҳабацәа азин рымхны Дамаскҟа сышцоз,
13 амҩан, аҳ, ухаҵкы, аҽнышьыбжьон исыцызи сареи ажәҩан аҟынтә амра аасҭа илашаз лашарак ааҳақәыҷҷеит.
14 Ҳанкаҳа, ауриа бызшәала ицәажәоз бжьык саҳаит: „Савл, Савл, узсышьҭашәарыцои? Алаба* уаҿагыланы, ухы иазеицәоу ауп иҟауҵо“.
15 Сара сҵааит: „Узусҭада, ухаҵкы?“ Иара иҳәеит: „Сара узышьҭашәарыцо Иисус соуп.
16 Угыл. Сара маҵуҩыс уалысхит азоуп уара уахь сзааз. Уара иубахьоу, насгьы иҵегь иусырбараны иҟоу* шаҳаҭра азуулоит.
17 Сара ужәлари захь усышьҭуа егьырҭ ажәларқәеи рҟынтә усыхьчалоит.
18 Сара урҭ рахь усышьҭуеит, рылақәа аатырц, алашьцара иалҵны алашарахь ихьаҳәырц, Аҩсҭаа имчра аҟынтә Анцәа иахь рхы дырхарц, иара убас сахьхарҵо абзоурала рыгәнаҳақәа ранажьхарц, насгьы Анцәа иԥшьоу ауаа зықәиргәыӷуа аҳамҭа даргьы ироурц“.
19 Аҳ Агри́ппа, сара Иисус ажәҩан аҟынтә дысзааны исеиҳәаз ауп иҟасҵо.
20 Раԥхьа сара ажәабжь рыласҳәон Дамаск инхо, нас Иерусалим, нас Иудеиа инхо зегьы, иара убас егьырҭ амилаҭқәа. Сара зегьы ирасҳәон, рыгәнаҳақәа ирыхьхәырц, насгьы рыгәнаҳақәа ишрыхьхәыз русқәа рыла иаарԥшны, Анцәа иахь ихьаҳәырц.
21 Убри азоуп ауриацәа аныҳәарҭаҿы сыкны, сыршьырц зырҭаххаз.
22 Аха иахьа уажәраанӡа Анцәа имчала анхацәеи ауаа дуқәеи ажәабжь бзиа рыласҳәоит, исҳәогьы Моисеии аԥааимбарцәеи ирҳәоз ауп:
23 Христос дгәаҟраны дшыҟаз, иԥсхьоу рҟынтә раԥхьа зыԥсы ҭало шиакәхоз, ҳажәлари егьырҭ ажәларқәеи ажәабжь бзиа шрылеиҳәоз, алашарагьы шыдирбоз».
24 Павел дышцәажәоз, Фест ҿааиҭит: «Павел, уара ухы еилагеит! Иумоу аҵара ду зынӡа уеиланагеит!»
25 Аха Павел иҳәеит: «Фест, Уаҳаракыра, сара сеиламгаӡеит, исҳәо дырны сцәажәоит, аиашоуп исҳәо.
26 Аҳ зегь бзианы идыруеит, убри азоуп сымшәаӡакәа зегь аартны изысҳәо. Сара агәра ганы сыҟоуп аҳ акгьы шиаҩымшәаз, избанзар иҟалаз зегьы маӡала акәӡам ишыҟалаз.
27 Аҳ Агри́ппа, аԥааимбарцәа рыгәра угома? Издыруеит рыгәра шуго».
28 Агри́ппа Павел ус иеиҳәеит: «Даҽа хәыҷык ауп иугу, қьырсианс сҟауҵоит уажәыҵәҟьа».
29 Павел иҳәеит: «Иаарласны уара умацара уакәым, иахьа абра исзыӡырҩуа зегьы сара исеиԥшхо Анцәа иҳәааит, амала, исҭахӡам дара сара сеиԥш азынџьырқәа* рхазарц».
30 Усҟан аҳ дгылеит, иара ицгылеит анапхгаҩи Верени́кеи, иара убас уа итәаз зегьы.
31 Иандәылҵуаз, дара абас еибырҳәон: «Ари ауаҩ ашьра иқәуҵартә ма дҭоукыртә еиԥш акгьы ҟаимҵаӡеит».
32 Агри́ппа Фест ус иеиҳәеит: «Иус ацезарь иӡбарц дамыҳәазҭгьы, доуҳашьҭыр ауан».
Албаагақәа
^ Ишыҟаҵәҟьоу еиҭоугозар, «иԥшьоу».
^ Ара зыӡбахә ҳәоу арахә злакарцоз, зԥынҵа ҵару алабоуп.
^ Ма «сара исызкны иусырбараны иҟоу».
^ Аиха иалху аҿаҳәага.