Давид. Иара Анцәа диқәгәыӷуан
Давид Анцәа диқәгәыӷуан. Зыхгара цәгьаз ауадаҩрақәа данрықәшәозгьы, иара ахаангьы иҵабыргу Анцәа имаҵ аура даҟәыҵуамызт. Еилышәкаа Иегова Давид иааирԥшуаз азиашара дшазылԥхаз, насгьы ҳаргьы азылԥхара ҳаур шҳалшо иара иҿырԥш бзиа ҳақәныҟәозар.