Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

Аҵакахьы аиасра

АШӘА 93

Урзылԥха ҳаиԥыларақәа

Урзылԥха ҳаиԥыларақәа

(Ауриацәа рахь 10:24, 25)

  1. 1. Анцәа, ҳуҳәоит ҳаизарақәа

    Уара урзылԥхаразы.

    Урҭ зегьы, Ҳазшаз, иуџьаҳшьоит,

    Удоуҳа убра иаарԥшы.

  2. 2. Ҳрыцқьа, ҳуҳәоит, Ҳаб Иегова,

    Уажәа цқьала ҳамҩақәҵа,

    Ҳгәаҵаҿ агәыблыра рҿыха,

    Нас урҽхәашьагьы ҳарҵа.

  3. 3. Ҳаб, иҳаҭ еснагь аҭынчра,

    Ҳуҳәоит, ҳакзаара урӷәӷәарц.

    Умчра ҳадгылап наӡаӡа,

    Унапаҵаҟа ҳаанхарц.

(Уахәаԥш иара убас Аԥсал. 22:22; 34:3; Ис. 50:4.)