АХЫ 2
Анасыԥ змоу аҭаацәалазаара аҽазыҟаҵара
1, 2. а) Ишԥазгәеиҭеи Иисус зегьы заа азхәыцра шаҭаху? б) Иарбан гану аԥсҭазаараҿы зегьы заа азхәыцра ахьаҭаху?
АҨНЫ аргыларазы зегь бзианы ирхиатәуп. Аҩны ашьаҭаркра уалагаанӡа, адгьыл умазароуп, насгьы аҩны аплан ҭухроуп. Аха уи адагьы, иаҭаху ыҟоуп. Иисус иҳәеит: «Дарбану шәара шәахьтә аҟәарч [абааш] аргылара зҭахны, даатәаны уи аргылара заҟа агаша, имч ақәхауа иақәымхауа ҳасаб рзызымуа» (Лука 14:28).
2 Аҩны аргыларазы ухы иаурхәо азнеишьа насыԥ змоу аҭаацәалазаара ашьақәыргыларазгьы ухы иаурхәар улшоит. Лассы-лассы ауаа ирҳәоит: «Ԥҳәыс даазгар сҭахуп». Аха ирацәаҩума ауадаҩрақәа ирызхәыцуа? Абиблиа аҭаацәалазаара ибзианы ишахцәажәогьы, уи иунарбоит аҭаацәалазаара иацу ауадаҩрақәагьы (Ажәамаанақәа 18:22; 1 Коринфаа 7:28). Убри азы аҭаацәара алалара згәы иҭоу ишыҟаҵәҟьоу иахәаԥшроуп уи иацу азылԥхарақәеи ауадаҩрақәеи.
3. Избан аҭаацәара аԥҵара згәы иҭоу рзы Абиблиа цхыраара бзиоуп ҳәа ҳҳәар зҳалшо, насгьы иарбан х-зҵаарак Абиблиа аҭак аҟаҵара иҳацхраауа?
3 Убри аҿы Абиблиа ҳацхраауеит. Уи алабжьарақәа аҭаацәара еиҿызкааз Анцәа Иегова идоуҳала иаԥҵоуп (Ефесаа 3:14, 15; 2 Тимофеи 3:16). Шәааи ари ижәытәӡоу, аха иахьагьы ихәарҭоу, амҩақәҵага иану апринципқәа ҳхы иархәаны еилаҳкаап: 1) излаилшои ауаҩы аҭаацәара аԥҵара дшазхиоу еиликаарц? 2) Иарбан ҟазшьақәоу ухатә ҩыза иҿы игәоуҭаша? 3) Ишԥахьчатәу шәеизыҟазаашьақәа рҿы ацқьара аибадырраан?
УАЗХИОУМА УАРА АҬААЦӘАРА АЛАЛАРА?
4. Ихадоузеи насыԥ змоу аҭаацәалазаара ахьчаразы, насгьы избан?
4 Аҩны аргыларазы имаҷымкәа аԥара аҭахуп, аха шықәсыла ари аҩны ибзианы ахылаԥшразы иаҭаху еиҳауп. Убасҵәҟьа ауп аҭаацәаратә ԥсҭазаараҿгьы. Аҭаацәара алалара мацара иаҭаху рацәоуп, аха иугәалашәозароуп ашықәсқәа цацыԥхьаӡа шәеизыҟазаашьақәа шырӷәӷәалатәу. Иаанагозеи уи? Ихадоу аҭыԥ ааннакылоит гәык-ԥсыкала иҟауҵаз азиашара аҿаҭахьа анагӡара. Абар аҭаацәаратә еизыҟазаашьа Абиблиа шахцәажәо: «Ахаҵа иани иаби ааныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит» (Аҟазаара 2:24). Иисус Христос иааигеит аилыҵразы, насгьы еиҭах аҭаацәара алалара азин узҭо, Абиблиа шьаҭас измоу мзыз заҵәык,— «акалҭбааԥсра», даҽакала иуҳәозар, изакәаным ацәеижьтә еизааигәахара аҭаацәалазаара анҭыҵ (Матфеи 19:9). Аҭаацәара алалара згәы иҭоу зегьы иргәалашәозароуп арҭ абиблиатә нормақәа. Абас еиԥш акрызҵазкуа азиашара аҿаҭахьа анагӡара уазхиамзар, уара аҭаацәара аԥҵара уазхиам (Ҩынтәзакәан 23:21; Екклезиаст 5:4, 5).
5. Избан аҭаацәара иалаларц згәы иҭоу азиашара аҿаҭахьа анагӡара ахә ҳаракны иршьар зрыхәҭоу, аӡәырҩы уи анагӡара ишацәшәогьы?
5 Аӡәырҩы ацәшәоит азиашара аҿаҭахьа анагӡара шаҭаху азхәыцра. Арԥыск иҳәеит: «Сыԥҳәыси сареи ҳаԥсы ахьынӡаҭоу ҳшеидҳәалоу анеилыскаа, акәакь сыкҿацалазшәа, сҭаркызшәа, снапи сшьапи ҿаҳәазшәа сгәы иабеит». Аха уара аҭаацәара узыцалало ииашаҵәҟьаны бзиа дубозар, азиашара аҿаҭахьа анагӡара уадаҩны иуԥхьаӡом. Уи ашәарҭадара узҭо акы еиԥш уахәаԥшлоит. Хаҵеи-ԥҳәыси аҿаҭахьа анагӡара иацу аҭакԥхықәра анеилыркаауа, уи ргәазҭанаҵоит еицыҟазарц ацәгьеи абзиеи ианақәшәогьы, насгьы иҟалалакгьы ргәы шьҭибахларц. Апостол Павел иҩуан абзиабара иашаҵәҟьа «зегьы рыхьчара-рҿыхра иазыхиоуп», «зегьы ахҭнагоит» ҳәа (1 Коринфаа 13:4, 7). Ԥҳәыск ус лҳәеит: «Азиашара аҿаҭахьа еиҳа аҭынчра снаҭоит. Сара исгәаԥхоит иҳауз агәҭынчра, ҳшеицынхало ауаа рҿаԥхьа ианышьақәҳарӷәӷәа» (Екклезиаст 4:9—12).
6. Избан уанқәыԥшцәоу аҭаацәара алалара ахыццакра заҭахым?
6 Ари аҿаҭахьа инақәыршәаны анхаразы, ауаҩы иҭәымҭа дҭагылазароуп. Даҽакала иуҳәозар, еиӷьхон аҭаацәара аламлара уанқәыԥшцәоу — ацәеижьтә еизааигәахара агәазыҳәара еиҳа ианыӷәӷәоу, насгьы уи ауаҩы ихәаԥшышьа бжьнахыр аналшо. Аҿар ианрызҳауа ирласны рҽырыԥсахуеит. Аӡәырҩы зынӡа ианқәыԥшу аҭаацәара иалалоит, нас шықәсқәак рышьҭахь игәарҭоит рҩыџьагьы рҭахрақәеи ргәаҳәарақәеи рыҽшырԥсахыз. Астатистика иаанарԥшуеит зынӡа иқәыԥшцәаны аҭаацәара иалалаз еиҳа ауадаҩрақәа ишрықәшәо, насгьы ишеилыҵуа, ԥыҭраамҭак иԥшыз раасҭа. Убри аҟынтә умыццакын аҭаацәара алалара. Уанқәыԥшу шықәсқәак аҭаацәара уаламлар, хәы змам аԥышәа уоур ауеит, уи абзоурала уара еиҳа уазыҟаҵахоит иаԥсоу хатә ҩызаны аҟалара. Аҭаацәара алалара уахымццакыр, ибзианы ухы аилкаара алшара уоуеит, уи аҭаацәараҿы аизыҟазаашьа бзиақәа реизырҳараҿы иуцхраауеит.
РАԤХЬАӠА УХЫ ЕИЛКАА
7. Избан аҭаацәара алалара згәы иҭоу раԥхьаӡа ихы еиликаар зихәҭоу?
7 Иузымариоума уара ухатә ҩыза иҟны иубарц иуҭаху аҟазшьақәа реиқәыԥхьаӡара? Аӡәырҩы уи рзымариоуп. Аха ирхуҳәаауазеи уара уҟазшьақәа? Иарбан ҟазшьақәоу уара иумоу аҭаацәаратә насыԥ аизырҳара иацхраауа? Ишԥанашәыгӡало шәара аԥҳәыс, ма ахаҵа ррольқәа? Иузымариоума уара агха шыҟауҵаз аҳәара, насгьы иудукылома алабжьарақәа, мамзар уандыриашо ухы урқьиоу? Узеиԥшроузеи уара: угәы камҳауа угәырӷьаҵәа уҟоума, ма улахь еиқәу, еснагь акы угәамԥхауа? (Ажәамаанақәа 8:33; 15:15). Иухоумыршҭын аҭаацәалазаара уҟазшьа шамԥсахуа. Уара аҭаацәара уалалаанӡа уԥагьазҭгьы, угәы ԥшқацәазҭгьы, ма зегьы бааԥсны иубозҭгьы, аҭаацәара уаналалалак даҽакала уҟалом. Ухы егьырҭ ишырбо еиԥш иубаӡом, узырзымҵаарызеи уҭаацәа, ма уҩыза гәакьа иаартны иугу уарҳәарц, насгьы алабжьара урҭарц? Уҽахьуриашаша анеилукаалак, уи аус адул, аҭаацәара алалара уӡбаанӡа.
8—10. Иарбан Абиблиа иану лабжьарақәоу ауаҩы аҭаацәалазаара аҽазыҟаҵараҿы ицхраауа?
8 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит «абзиабара, агәырӷьара, амшхәыбзазара, азҩыдара, нарха змоу ачҳара, аразра, агәы-ҳалалра, агәрагара, ахаара-ҟәымшәышәра, аҽынкылара» реиԥш иҟоу аҟазшьақәа ҳазҭо Анцәа иԥшьоу идоуҳа ҳацхраартә алшара аҳҭарц. Аҩыраҿы, иара убас, иануп «шәхәыцшьа, шәдунеидкылашьа рҿыцуа, гәрахаҵаралеи цқьаралеи Анцәа иеиԥшу ауаҩ ҿыц ицәеижь шәцәеижьха, уи иеилаҳәашьала шәҽеилашәҳәа» ҳәа (Галаҭаа 5:22, 23; Ефесаа 4:23, 24). Аҭаацәара аԥуҵаанӡа ари алабжьара ухы иаурхәалар, уԥарақәа абанк иалоуҵар иаҩызоуп: уаԥхьаҟа аҭаацәара уаналалалак, уи уара узы даара ихәарҭахоит.
9 Аԥҳәыс лҭеиҭыԥш акәӡам еиҳа дзышьҭалаша, аха «лыҩныҵҟатәи аԥшӡара» ауп (1 Пиотр 3:3, 4). Ахӡырымгареи аҟәышреи лара аҟәыӷара — ииашаҵәҟьаны «иссиру агәыргьын» арҳара илыцхраауеит (Ажәамаанақәа 4:9; 31:10, 30; 1 Тимофеи 2:9, 10). Ахаҵа қьиаралеи патуқәҵаралеи аԥҳәыс лзыҟазаашьа иҵалароуп (1 Тимофеи 5:1, 2). Аӡбара адкылашьеи, ихахьы аҭакԥхықәра агашьеи аниҵо, дашьцылалароуп ахӡырымгареи ахынраалареи раарԥшра. Адеспотизм аҭаацәалазаараҿы ауадаҩрақәа рахь икылнагоит (Ажәамаанақәа 29:23; Михеи 6:8; Ефесаа 5:28, 29).
10 Ауаҩы идунеихәаԥшышьа аԥсахра шизымариамгьы, ари азҵаараҿы ақьырсианцәа зегьы аус здырулаша ыҟоуп. Уи уара иуцхраауеит хатәҩыза бзианы аҟалара.
АХАТӘ ҨЫЗА ДАНАЛУХУА ИГӘАҬАТӘУ
11, 12. Ишԥарылшо ҩыџьа ауаа шеинаало аилкаара?
11 Иаԥума уахьынхо аҭыԥаҿы ауаҩы ихатә ҩыза ихала далихлар? Ааи акәзар, ишԥахәҭоу ахымҩаԥгара аӡә дугәаԥхазар? Раԥхьаӡа иргыланы ухы уазҵаа: «Исҭахыҵәҟьоума сара аҭаацәара алалара?» Ауаҩы ицәаныррақәа рылахәмарра, баша дыргәыӷуа,— ари гәымбылџьбарароуп (Ажәамаанақәа 13:12). Анаҩс ухы уазҵаа: «Сазхиоума сара аҭаацәара алалара?» Урҭ аҩ-зҵаарак ааи ҳәа рҭак ҟауҵозар, анаҩстәи ушьаҿақәа аҭыԥантәи аҵасқәа ирхьыԥшхоит. Тәылақәак рҿы ауаҩы ԥыҭраамҭак уаницклаԥшлак, идугалар улшоит иааигәаны шәеибадырырц. Мап уцәикыр, дыхҭоумкын. Иухоумыршҭын иаргьы азин шимоу ари азҵаараҿы аӡбара адкылара. Аха иалухыз ауаҩы дақәшаҳаҭхазар, уара уеиҷаҳар улшоит шәеибадырразы аамҭа ихәарҭаны ишышәхыжәгалаша. Уи уцхраауеит аилкаара ари ауаҩы аҭаацәара ицалалара иаԥсоу-иаԥсаму a. Игәоуҭалар акәзеи убри аамҭазы?
12 Ари азҵаара аҭак аҟаҵаразы ухаҿы иааг амузыкатә инструментқәа ҩба, иаҳҳәап апианино, насгьы агитара. Урҭ бзианы еиқәыршәазар, рыҩбагьы амузыка ԥшӡа арҳәара рылшоит. Аха иҟалозеи, ҩ-инструментк реицарҳәара уалагар? Усҟан рыбжьы еиццароуп. Убас еиԥшҵәҟьа ауп ишыҟоу ухатә ҩызаны иҟалараны иҟоуи уареи шәыбжьарагьы. Иҟалап шәара аҟазшьа бзиақәа реизырҳаразы шәхы аус адыжәулазар. Аха зҵаарас ицәырҵуа абри ауп: еиццома шәара «шәыбжьы»? Даҽакала иуҳәозар, шәеинаалома шәара?
13. Избан аҟәыӷара заҵам угәрахаҵара уцеиҩызымшо хатә ҩызас ишьҭыхразы иабадырра?
13 Ихадоуп шәҩыџьагьы еицышәзеиԥшу агәрахаҵареи апринципқәеи шәымазарц. Апостол Павел иҩуан: «Агәрахаҵара змам ауаа руӷә шәҽаҵашәымҳәан» (2 Коринфаа 6:14; 1 Коринфаа 7:39). Угәрахаҵара уцеиҩызымшо хатә ҩызас дышьҭухыр, уи аҳәоуеиқәымшәарахь шәкылнагоит. Аха шәҩыџьагьы Анцәа Иегова шәизиашазар — ари шәҳәоуеиқәшәаразы шьаҭа ӷәӷәахоит. Иегова иҭахуп шәара насыԥ шәымазарц, насгьы шәҭаацәалазаара ӷәӷәазарц. Анцәа Иегова иҭахуп шәара-шәара, нас иаргьы «хԥаны» еибарку бзиабарала шәеидҳәалазарц (Екклезиаст 4:12).
14, 15. Иазхома еицышәзеиԥшу агәрахаҵара амазаара аҭаацәалазаараҿы анасыԥ шәымазарц? Иҳаилыркаа.
14 Шәеицны Анцәа имҵахырхәара — ари зегь реиҳа ихадоуп, аха уи ак азхом. Шәҳәатәы еиқәшәаларц азы еиԥшу ахықәкқәа шәымазароуп. Хықәкқәас ишәымоузеи? Иаҳҳәап, шәышԥазыҟоу ахәыҷқәа рымазаара? Иаанызкылозеи шәыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ? b (Матфеи 6:33). Насыԥ змаҵәҟьоу аҭаацәараҿы хаҵеи-ԥҳәыси — еиҩызцәа бзиақәоуп, насгьы рҩыџьагьы анеицу ргәаԥхоит (Ажәамаанақәа 17:17). Уи азы дара ирымазароуп еицырзеиԥшу аинтересқәа. Урҭ ыҟамзар, аҭаацәалазаара акәым, иааигәаны аиҩызарагьы ахьчара цәгьоуп. Аха иаанагома аҭаацәара аԥҵара зынӡаск иаҭахӡам ҳәа, иалухыз ауаҩы бзиа иибо уск уара бзиа иумбозар, иаҳҳәап, шьапыла аныҟәара? Мап. Иҟалап шәара ишәымазар еиҳа ихадоу, еицышәзеиԥшу даҽа усқәак. Уи адагьы, уара уҩыза игәы ҟауҵар улшоит усқәак уҽрылаурхәлар, иара иахьигәаԥхо азы (Аусқәа 20:35).
15 Ҟазшьала шәшеинаало зыбзоуроу шаҟа шәеиԥшу акәӡам, аха шаҟа шәҽеиншәынраало ауп. «Азҵаарақәа зегь рҿы ҳгәаанагарақәа еиԥшума?» ҳәа аҵаара аасҭа, еиӷьын аилкаара: «Иҟалозеи, ҳгәаанагарақәа анеиқәымшәо? Иҳалшома ҳара ҭынч апатуеиқәҵара аарԥшны, ауадаҩра аӡбара? Мамзаргьы ҳара ҳҳәоуеиқәымшәара аимак-аиҿак ахь ииасуама?» (Ефесаа 4:29, 31). Аҭаацәара уалалар уҭахызар, уҽырцәыхьчала иԥагьоу, аҳәатәхамҵара аазырԥшуа, ахьаҵра зҭахым, ма есымша акы иаҳәо, зегьы иара итәала иҟалар зҭаху.
ЗАА ЕИЛКАА
16, 17. Игәарҭар акәзеи ахаҵа ма аԥҳәыс, ахатә ҩыза даналырхуа?
16 Ақьырсиантә еизараҿы аҭакԥхықәра зду «заа иԥышәатәуп» (1 Тимофеи 3:10). Уаргьы ари апринцип ухы иаурхәар улшоит. Иаҳҳәап хаҵа имцахьоу аԥҳәыс дҵаар лылшоит: «Иарбан репутациоу имоу уи ауаҩы? Имада ҩызцәас? Имоума иара аҽынкылара? Дышԥарзыҟоу абыргцәа? Иҭаацәа зусҭцәада? Дышԥарзыҟоу иҭаацәа? Дышԥазыҟоу аԥара? Дашьцылоума арыжәтә мыцхәы ажәра? Игәы еибакуа, дгәымбылџьбараны дыҟоума? Иарбан ҭакԥхықәрақәоу иара аизараҿы имоу, насгьы ишԥанаигӡо урҭ? Исылшома сара пату иқәҵара?» (Алевит 19:32; Ажәамаанақәа 22:29; 31:23; Ефесаа 5:3—5, 33; 1 Тимофеи 5:8; 6:10; Тит 2:6, 7).
17 Ԥҳәыс даазымгац ахаҵа дҵаар илшоит: «Иаалырԥшуама лара абзиабареи апатуқәҵареи абзиабареи Анцәа иахь? Илзыҟаҵома лара аҩнтәи аусқәа? Иззыԥшлозеи ҳара ҳҟынтә лара лҭаацәа? Дҟәыӷоума лара, аусура бзиа илбома, мыцхәы аԥара аныхра лылоума? Дызлацәажәозеи лара? Дреиҷаҳауама лара егьырҭ гәык-ԥсыкала, лхы мацара дазхәыцуама, ма егьырҭ русқәа мыцхәы лҽалалгалома? Иаԥсоума лыгәрагара? Дазхиоума лара аҭаацәараҿы ахада изыӡырҩра, еснагь лара лтәы иалыргома, мамзаргьы ахамаԥагьара лылоума?» (Ажәамаанақәа 31:10—31; Лука 6:45; Ефесаа 5:22, 23; 1 Тимофеи 5:13; 1 Пиотр 4:15).
18. Иугәалашәалар ахәҭоузеи, аибадырраан грақәак анцәырҵуа?
18 Иухоумыршҭлан, хатә ҩызас иалухыз — Адам ихылҵыз инаӡам уаҩуп. Вба змам дыҟам, убри аҟынтә шәҩыџьагьы ишәцәыҟало ихадам гхақәак хьаас акра иаԥсам (Римаа 3:23; Иаков 3:2). Уи инеиҳангьы, ауаҩы игха анеиликаауа, уи доуҳала аизҳара ицхраауеит. Иаҳҳәап, шәанеибадыруа аамҭазы шәара ажәа еимашәкзар. Уазхәыц: пату еиқәызҵогьы, бзиа еибабогьы ауаа зны-зынла ргәаанагарақәа еиқәшәом. (Еиҿырԥш Аҟазаара 30:2; Аусқәа 15:39.) Аха шәара шәҩыџьагьы еиҳа «аҽынкылашьеи», ауадаҩрақәа ҭынч рыӡбашьеи шәҵалар акәзар? (Ажәамаанақәа 25:28). Иҭахума ухатә ҩызаны иҟалараны иҟоу аҽыриашара? Уара? Иузҵома уара агәнымгара, насгьы амгәаара? (Екклезиаст 7:9). Ауадаҩрақәа анышәыӡбо, ишахәҭаҵәҟьоу иаартны аицәажәашьа шәҵоит, уи даараӡа ихадоуп аҭаацәара шәаналалалак (Кәаласаа 3:13).
19. Иҟаҵатәузеи, уара даара узыргәамҵуа гхак гәоуҭазар?
19 Аха иҟаҵатәузеи, уара даара узыргәамҵуа гхак гәоуҭазар? Уи иахымгакәа ибзианы уазхәыцроуп. Аромантикатә хәаԥшышьа умазаргьы, аҭаацәара алалара уҭахызаргьы, имаҷым агхақәа умбозшәа ҟаумҵан (Ажәамаанақәа 22:3; Екклезиаст 2:14). Узабадыруа ауаҩы иганахьала агәыҩбара узцәырҵуазар, еиӷьхон шәеиҩызара аанышәкылар, убас еиԥш иҟоу ауаҩы наӡаӡа уҽидумҳәалар.
АИБАДЫРРААН ШӘЕИЗЫҞАЗААШЬАҚӘА ЦҚЬАЗ
20. Ишԥарылшо ҩыџьа аибадырраан ицқьоу агәаԥхашәатә хымҩаԥгашьа ахьчара?
20 Ишԥалшо аибадырраан аизыҟазаашьақәа цқьаны ахьчара? Зегь раԥхьаӡа иргыланы, агәра жәга шәгәаԥхашәатә хымҩаԥгашьа шыцқьоу. Иаԥума шәахьынхо аҭыԥаҿы еибагараны иҟоу рнапқәа еибадырклар, игәыдеибакылалар? Уахьынхо аҭыԥаҿы уи аԥызаргьы, ус абзиабара аарԥшра ҟалоит шәеибагарц анышәыӡбалак ашьҭахь. Шәгәышәҽаныз, ус абзиабара аарԥшра ицқьам ахымҩаԥгашьахь, мамзаргьы зынӡа акалҭбааԥсрахь шәкылнамгарц (Ефесаа 4:18, 19; Ашәа 1:1; 2:6; 8:5, 9, 10). Ауаҩы игәы гьангьашуп, убри аҟнытә ибзиахон шәҩыџьагьы шәымацара шәаанымхар аҩны, ауаҭах аҿы, игылоу амашьынаҿы, мамзаргьы даҽаџьара, иҽеим ахымҩаԥгашьа азы аҭагылазаашьа цәырҵыр ахьалшо (Иеремиа 17:9). Аибадырраан шәара агәаԥхашәатә цқьара шәыхьчар, уи еилыкка иаанарԥшуеит аҽынкылара шшәымоу, насгьы егьырҭ реиҷаҳара шәхатә гәазыҳәарақәа раԥхьа ишшәыргыло. Аха зегь раасҭа ихадоу, аибадырраан ицқьоу аизыҟазаашьақәа ддыргәырӷьоит амцқьареи акалҭбааԥсреи иақәыӡбо Анцәа Иегова (Галаҭаа 5:19—21).
21. Иарбан иаарту еицәажәароу иаҭаху, аибадырраан аизыҟазаашьақәа рыцқьара ахьчаразы?
21 Аибадырраан ицқьоу ахымҩаԥгашьахь иара убас иаҵанакуеит иаарту аицәажәара. Ачара амш ааигәахацыԥхьаӡа, зҵаарақәак иаартны ирылацәажәатәуп. Шәабанхало шәара? Шәҩыџьагьы аусура шәгәы иҭоума? Ишәҭахума шәара ахәыҷқәа шәымазарц? Иара убас ииашахон ауаҩы еиҭеиҳәар аҭаацәалазаара ианырыр зылшо иԥсҭазаара ахҭысқәа. Уахь иаҵанакуеит ауал дуқәа, ма аҭакԥхықәрақәа, иара убас агәабзиара, иаҳҳәап имазар ачымазара ӷәӷәа. ВИЧ (СПИД узырхьуа авирус) зыхьыз аӡәырҩы ауаа рҿы асимптомқәа иаразнак иааԥшӡом азы, ибзиахон ауаҩы ихаҭа, мамзаргьы иҭаацәара и́ҳәар, еибагараны иҟоу руаӡәк ишахәҭам ала ацәеижьтә еизааигәахара имазҭгьы, ма анаркотик илеиҵозҭгьы, СПИД имоу-имаму узырбо ашьа анализ ҟаиҵарц. Анализ аҭак ааи акәзар, ичмазаҩу ихҭеимкыроуп реизыҟазаашьақәа рынагӡара, егьи иҭахымзар. Ииашахон зыԥсҭазаара ииашамкәа имҩаԥызгоз зегьы аибадырра иалагаанӡа, СПИД рымоу-ирымаму узырбо ашьа анализ рхаҭа иҟарҵар.
АЧАРА — АРИ ҴЫХӘТӘАМ
22, 23. а) Ишԥаулшо аҭышәынтәалара уцәыӡыр ачара уҽаназыҟауҵо? б) Иарбану иҭышәынтәалоу хәыцшьоу иумазар ухәҭоу, ачареи аҭаацәалазаареи уанрызхәыцуа?
22 Ачара аҟалара мызқәак шагу, шәара шәеилахазаауеит еиуеиԥшым аҽазыҟаҵарақәа рыла. Зегьы еиҳа ҭынч имҩасуеит, аҽазыҟаҵарақәа ихырҟьацәамкәа шәрызнеир. Ачара ду аҭынхацәеи аҩызцәеи аргәырӷьоит, аха ҿыц еибагази урҭ рҭаацәареи даара иарааԥсар, насгьы аԥара рацәаны ирцәагар ҟалоит. Аҭыԥантәи ҵасқәак рықәныҟәара иашахоит, аха урҭ зегь рынагӡара уалагар, егьырҭ ргәы ҟасҵоит ҳәа, ма срацлабуеит ҳәа, ари ахҭыс аҵаки иацу агәырӷьареи амнахыр ауеит. Егьырҭ ауаа рцәаныррақәа ирызхәыцтәуп, аха ачара амҩаԥысра аҭакԥхықәра зду ахаҵа иоуп (Иоанн 2:9).
23 Ишәхашәмыршҭлан, ачара мышкы ауп ианыҟоу, шәҭаацәалазаара — шәыԥсы ахьынӡаҭоу. Шәҽазышәымшәан ачара амш аҵак ду аҭара. Уи ахаҭыԥан Анцәа Иегова инапхгара шәашьҭаз, насгьы ԥхьаҟатәи шәҭаацәаратә ԥсҭазаара шәазхәыцла. Усҟан шәара насыԥ змоу аҭаацәалазаара шәазыҟаҵахоит.
a Ари ухы иаурхәар ауеит бзиа еибабо реиԥыларақәа ахьаԥу атәылақәа рҿы.
b Ақьырсианцәа рыбжьарагьы иҟалар ауеит аизара аусқәа зхы алазмырхәуа. Дара гәык-ԥсыкала Анцәа имаҵ аура ацымхәрас, ари адунеи зышьцылоу ахәыцшьеи ахымҩаԥгашьеи рҽарҭоит (Иоанн 17:16; Иаков 4:4).