АХЫ 6
Шәицхраала ихбыџхаз шәхәыҷы
1, 2. Иарбан уадаҩрақәоу, насгьы гәырӷьарақәоу иаанагар алшо ахбыџра аамҭа?
АХБЫЏ — ари хәышықәса, ма жәашықәса зхыҵуа иакәым. Ахәыҷы данхбыџу аамҭа ахатәы уадаҩрақәа шацу еиԥш, иацуп агәырӷьареи аҳамҭақәеи. Иосиф, Давид, Иосиа, насгьы Тимофеи рҿырԥштәқәа иаҳдырбоит иқәыԥшу ауаа ишрылшо аҭакԥхықәра аарԥшра, насгьы Иеговеи дареи аизыҟазаашьа бзиақәа рымазарц (Аҟазаара 37:2—11; 1 Самуил 16:11—13; 2 Аҳцәа 22:3—7; Аусқәа 16:1, 2). Уи шьақәдырӷәӷәоит ҳаамҭазы инхо аӡәырҩы ахбыџқәа. Иҟалап убас еиԥш иҟоу ахәыҷқәа шәаргьы ижәдыруазар.
2 Шьоукы рзы ахбыџра аамҭа — ари иҭынчым аамҭоуп. Ихбыџхаз ирхыргоит аемоциатә ҭагылазаашьақәа рҽанырыԥсахуа аамҭа. Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ирҭахуп еиҳаны ахьыԥшымра, дара иргәамԥхозар ҟалоит рҭаацәа ирзалырхуа аҳәаақәа. Аха ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа ирымоу аԥышәа маҷуп, убри азы дара ироур ауп ачҳареи абзиабареи злоу рҭаацәа рыцхыраара. Ааи, ахбыџра ашықәсқәа ҭынчымхар ҟалоит, ахәыҷқәагьы рҭаацәагьы ирҳәо-ируа ианақәымшәо аамҭахар алшоит. Ишԥаҳалшо ахәыҷқәа рыцхраара ари аамҭа ианҭагылоу?
3. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷы дазыҟарҵарц аҭакԥхықәра злоу иакәны изҳарц?
3 Абиблиатә лабжьара иацныҟәо аҭаацәа рхәыҷы иреиӷьу алшара ирҭоит қәҿиарала урҭ аԥышәарақәа дыриааирц, насгьы аҭакԥхықәра злоу иакәны изҳарц. Ианакәзаалак ажәларқәа зегь рҟны азылԥхарақәа рыман абиблиатә принципқәа зыԥсҭазаараҿы зхы иазырхәоз аҭаацәеи ахәыҷқәеи (Ԥсалом 119:1).
ГӘЫК-ԤСЫКАЛА ИААРТУ АИЦӘАЖӘАРА
4. Избан алабжьара еиҳараӡак изхадоу ахәыҷы ихбыџра аан?
4 Абиблиаҿы иануп: «Гәаартылатәи аицәажәара ахьыҟам, апланқәа хыбгалоит» (Ажәамаанақәа 15:22). Ахәыҷқәа еиҳа ианеиҵаз алабжьара рҭахызҭгьы, еиҳагьы ирҭахуп ианхбыџха, избанзар усҟан дара аҩны имаҷны аамҭа рхыргоит, еиҳарак аҵара рыцызҵо рҩызцәа ирыцуп. Алабжьара ыҟамзар — ахәыҷқәеи аҭаацәеи рыбжьара гәык-ԥсыкала иаарту аицәажәара,— усҟан ахәыҷқәа аҩны итәымхар алшоит. Ишԥахьчатәу иаарту аицәажәара?
5. Ишԥазыҟазар рыхәҭоу ахәыҷқәа рҭаацәеи дареи реицәажәара?
5 Уи аганахьала ахәыҷқәеи рҭаацәеи дасу рхатә роль нарыгӡалароуп. Аха ахбыџқәа ргәы иаанагар алшоит рҭаацәа рацәажәара еиҳа ицәгьахеит ҳәа, ианыхәыҷыз аасҭа. Ишәхашәмыршҭлан, «анапхгара бзиа аныҟам ажәлар ҭахоит, алабжьаҩцәа анырацәоу урҭ еиқәхоит» (Ажәамаанақәа 11:14). Арҭ ажәақәа аҿар реиԥш, зықәрахь инеихьоугьы ирызкуп. Уи здыруа аҿар еилыркаауеит аԥышәа злоу анапхгара шырҭаху, избанзар дара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа рыӡбалар акәхоит. Урҭ еилыркаалароуп агәрахаҵара змоу рҭаацәа алабжьара аҭара ибзианы ишазхиоу, избанзар дара рыԥсҭазааратә ԥышәа еиҳауп, насгьы дара рахь абзиабареи аиҷаҳареи акырҵуеит иаадырԥшуеижьҭеи. Убри аҟынтә иҟәыӷоу ахәыҷқәа рҭаацәа ирыцәхьаҵӡом.
6. Ишԥазыҟазаало иҟәыӷоу абзиабара злоу аҭаацәа рхәыҷ-хбыџқәеи дареи реицәажәара?
6 Иаарту аицәажәара иаҵанакуеит аҭаацәа гәыкала ианазнеиуа рхәыҷы имоу аҭахра дара рацәажәара. Аҭаацәа, агәра ганы шәыҟазароуп шәара шәганахьала аицәажәаразы ашә шаарту. Уи мариамхар алшоит. Абиблиаҿы иануп ишыҟоу «аҿымҭра аамҭа, ацәажәара аамҭа» (Екклезиаст 3:7). Иҟалар ауеит шәхәыҷы дшәацәажәарц аниӡбалак аамҭазы шәара ақәҿыҭра шәҭахымхар. Иҟалап уи аамҭа шәара ахатә ҭҵаара, аԥсшьара, ма аҩнтәи аусқәа ирзышәкзар. Аха ахәыҷы дшәацәажәарц иҭахызар, шәҽазышәшәа шәыпланқәа ԥсахны изыӡырҩра. Избанзар, даҽазны ахәыҷы ацәажәара иҭахымхар ҟалоит. Ишәгәалашәыршәа Иисус иҿырԥшы. Зны иара аԥсшьаразы аамҭа алихит. Аха изыӡырҩра зҭахыз ауаа анеиза, Иисус иԥсшьара ааныжьны, далагеит урҭ рырҵара (Марк 6:30—34). Еиҳараҩык ахәыҷқәа еилыркаауеит рҭаацәа еснагь ишеилахоу, аха урҭ агәра ганы иҟазароуп ианаҭаххалак рҭаацәа есымша рааигәа ишыҟало. Убри аҟынтә шәацәажәара мариаз, аилкаара шәазхиаз.
7. Иҟарҵалар акәзеи аҭаацәа?
7 Ишәгәалашәыршәала шәхаҭа шәаныхәыҷыз ишәымаз ацәаныррақәа, насгьы алафҳәара шәхашәмыршҭын. Ахәыҷқәа рацәажәара аҭаацәа агәырӷьара рзаанагалароуп. Изықәдырӡуазеи аамҭа аҭаацәа рхы ианақәиҭу? Уи аамҭа дара еснагь рҭаацәа анҭыҵ имҩаԥыргозар, ахәыҷқәа уи иаразнак игәарҭоит. Шәхәыҷқәа ашкол ирыцҭоу рҩызцәа шәара шәаасҭа пату шрықәырҵо рбар, уи ауадаҩрақәа рахь икылнагоит.
ИЗЛАЦӘАЖӘАТӘУ
8. Ишԥарылааӡатәу ахәыҷқәа аиашареи, гәыкала аусуреи, ахымҩаԥгашьа бзиеи рахь апатуқәҵара?
8 Аҭаацәа рхәыҷқәа ииашаны ахымҩаԥгашьеи ргәақәкны аусушьеи рыдмырҵацзар, уи, ҳәарада, урҭ ахбыџра аамҭа ианҭагылоу ирылааӡатәуп (1 Фессалоникаа 4:11; 2 Фессалоникаа 3:10). Аҭаацәа ирдыруазароуп рхәыҷқәа агәра ганы ишыҟоу шаҟа ихадоу игәаԥхашәоу, ицқьоу анормақәа рықәныҟәара (Ажәамаанақәа 20:11). Даара акраҵанакуеит аҭаацәа иаадырԥшуа рхатә ҿырԥшы. Аҳәса «ажәада ицқьоу ахымҩаԥгашьала» агәрахаҵара змам рхацәа шдырҳауа еиԥш, ахәыҷқәагьы ииашоу апринципқәа еилыркаар рылшоит рҭаацәа рхымҩаԥгашьала (1 Пиотр 3:1, АдҾ). Аха аҿырԥшы мацара азхом, избанзар аҩны анҭыҵ ахәыҷқәа хызхуа, ибааԥсу аҿырԥштәқәа рацәоуп. Убри аҟынтә, аиҷаҳара аазырԥшуа аҭаацәа ирдыруазароуп рхәыҷы иибо-иаҳауа дшазыҟоу, уи азы иаҭахуп акрызҵазкуа аицәажәарақәа (Ажәамаанақәа 20:5).
9, 10. Изрыхәҭоузеи аҭаацәа рхәыҷқәа рымҩақәҵара ацәеижьтә еизааигәахара иазку азҵаарақәа рганахьала, насгьы ишԥарылшо уи аҟаҵара?
9 Уи еиҳараӡак ихадоуп ацәеижьтә еизааигәахара иазку азҵаарақәа ианрылацәажәатәу. Аҭаацәа, шәацәыԥхашьома шәара асекс иазку азҵаарақәа шәхәыҷқәа рзеиҭаҳәара? Ус иҟазаргьы, шәыԥхамшьан, избанзар шәхәыҷқәа уи атәы егьырҭ рҟынтә уеизгьы еилыркаауеит. Уи шәара ирзеиҭашәымҳәар, издыруада, изакәытә «информациоу» дара ираҳауа? Абиблиаҿы Иегова иҵәахӡом ацәеижьтә еизааигәахара иазку азҵаарақәа, аҭаацәагьы ирымҵәахыроуп (Ажәамаанақәа 4:1—4; 5:1—21).
10 Абиблиаҿы иануп ацәеижьтә еизааигәахара аганахьала еилыкка иҟоу анапхгара, насгьы Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьуеит иахьатәи аамҭазгьы ухы иаурхәар улшо, ихәарҭоу аинформациа рацәаӡаны. Ҳхы изаҳмырхәарызеи уи ацхыраара? Ибзиахон шәыҷкәын, ма шәыӡӷаб иеилшәыркаар ашәҟәы «Уара узҵаарақәа рҭак» актәи, ма аҩбатәи атомқәа рҟынтә ианаало хқәак. Алҵшәа шәаргәырӷьар алшоит.
11. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова имаҵ аушьа дырҵара?
11 Иарбан темоу зегь реиҳа ихадоу аҭаацәеи ахәыҷқәеи реицәажәараҿы? Уи иазкны апостол Павел иҩит: «Шәарҭ абацәа, шәыхшара рыԥсахы еибашәмырклан, гәала рышәымҭалан, урҭ шәааӡала Иҳақәиҭу игәаҳәаратә реилыркаауа» (Ефесаа 6:4). Ахәыҷқәа еиҳа еиӷьны Иегова деилыркаалароуп. Урҭ ирҵалароуп Иегова бзиа ибара, насгьы имаҵ аура агәазыҳәара рымазароуп. Араҟагьы идурҵо рацәоуп ухатә ҿырԥшыла. Аҭаацәа гәы наӡала, ԥсы наӡала, дырра наӡала Иегова бзиа дшырбо, насгьы уи рыԥсҭазаараҿы ахәарҭа шырзаанаго ахәыҷқәа ирбозар, даргьы ирҭаххоит рҿыԥшра (Матфеи 22:37). Иара убас ахәыҷқәа ирбозар рҭаацәа амал ишазыҟоу, насгьы Анцәа Иаҳра рыԥсҭазаараҿы раԥхьатәи аҭыԥ шааннакыло, уи рыцхраауеит ус еиԥш иҟоу ахәаԥшышьа арҿиара (Екклезиаст 7:12; Матфеи 6:31—33).
12, 13. Иаҳхаҳмыршҭлар ахәҭоузеи аҭаацәаратә еихырхәара қәҿиарала имҩаԥысларц азы?
12 Аҭаацәараҿы есымчыбжьа Анцәа Иажәа Абиблиа аҵара — ари здаҟам цхыраароуп (Ԥсалом 119:33, 34; Ажәамаанақәа 4:20—23). Даара ихадоуп ус еиԥш иҟоу аҵара еиԥмырҟьаӡакәа амҩаԥгара (Ԥсалом 1:1—3). Аҭаацәеи ахәыҷқәеи еилыркаауазароуп егьырҭ аусқәа аҭаацәаратә еихырхәара иаԥырхагамхаратәы ишышьақәыргылатәу. Уи адагьы, Абиблиа аҵара алҵшәа аиурц азы, ихадоуп уи ииашаны азнеира. Абык ус иҳәеит: «Маӡас иҟоу, аҭаацәаратә еихырхәараан уи мҩаԥызго иалахәу адимцалозароуп, аха апатуқәҵара ааирԥшыроуп, насгьы аҭагылазаашьа убас ишьақәиргылароуп, аҭаацәа ишабалак иазымнеирц. Имариам еснагь ишахәҭаҵәҟьоу амҩаԥгара, лассы-лассы ахәыҷқәа ирыцхраалатәуп аҭаацәаратә еихырхәара ииашаны иазнеиларц. Знык-ҩынтә иалымҵуазар, шәгәы кашәмыжьын, анаҩс даҽазны шәҽаназышәкуа иалҵыр алшоит». Уи аб иҳәеит инҭкааны Анцәа Иегова дышиҳәоз аҭаацәаратә еихырхәара иалахәу зегьы уи иашаны иазнеиларц (Ԥсалом 119:66).
13 Аҭаацәаратә еихырхәара амҩаԥгара зду агәрахаҵара змоу аҭаацәа роуп. Арҵаратә ҟазара анацәеи абацәеи зегьы ирыламзар алшоит, убри азы урҭ ирцәыцәгьоуп аҭаацәаратә еихырхәара аинтерес аҵаҵаны амҩаԥгара. Ус шакәугьы, ҳара ҳхәыҷқәа бзиа ишаҳбо «ҳуси ҳиашареи рыла» иааҳарԥшуазар, ҳара иҳауеит агәазыҳәара хынрааларала, насгьы гәык-ԥсыкала урҭ рыцхраара доуҳала еизҳаларац азы (1 Иоанн 3:18). Зны-зынла ахәыҷқәа агәынамӡара аадырԥшлар ауеит, аха урҭ еилыркаауеит дара рзы абзиара шәшашьҭоу.
14. Ишԥаулшо ухы иаурхәар Ҩынтәзакәан 11:18, 19 иану, ахәыҷқәа адоуҳатә зҵаарақәа ирызкны уанрацәажәо?
14 Акрызҵазкуа адоуҳатә зҵаарақәа рылацәажәара ахьалшо аҭаацәаратә еихырхәараҿы мацара акәӡам. Ишәгәалашәома Иегова аҭаацәа ирыдиҵаз? Иара иҳәеит: «Ишәыдышәкыл сажәақәа гәык-ԥсыкала, урҭ дыргаҵас шәнапы иадышәҳәал, насгьы шәылахь ҿаҳәагас иҟаз. Шәхәыҷқәа уи дшәырҵала: ираҳәала уҩны уантәоу, амҩа уанану, уанышьҭалои уангылои» (Ҩынтәзакәан 11:18, 19; иара убас шәахәаԥш Ҩынтәзакәан 6:6, 7). Уи иаанагаӡом аҭаацәа иааҟәымҵӡакәа рхәыҷқәа ажәабжь рзеиҭарҳәалароуп ҳәа. Аха абзиабара аазырԥшуа ахада есымша дашьҭалоит иҭаацәа рдоуҳатә хәаԥшышьа еиӷьызтәуа алшарақәа.
ААӠАРЕИ АПАТУҚӘҴАРЕИ
15, 16. а) Иаанагозеи ааӡара? б) Издыда ахәыҷқәа рымҩақәҵара, насгьы издыда уи амҩақәҵара ақәныҟәара?
15 Ааӡара — ари узыриашо рҵароуп; уахь иаҵанакуеит аицәажәарагьы. Ааӡара ахьырхәра аҵкыс ариашара аанагоит, аха зны-зынла ахьырхәрагьы аҭахуп. Шәхәыҷқәа анааӡатәыз ианыхәыҷыз акәын, аха уажәы ианхбыџха еиҳагьы ирҭахуп арҵареи ариашареи. Ииашаны ихәыцуа ахәыҷқәа ирдыруеит уи шҵабыргу.
16 Абиблиаҿы иануп: «Абзамыҟә иаб имҩақәҵара атәеибом, аха ариашара здызкыло ахшыҩ имоуп» (Ажәамаанақәа 15:5). Ари ажәеинраала иаҳнарҵо даара рацәоуп. Уи иаанагоит ауаҩы амҩақәҵара шиҭахо. Уи ирымҭозҭгьы, ахәыҷы «атәамбара» илшомызт. Анцәа Иегова ахәыҷқәа рымҩақәҵара аҭакԥхықәра здиҵаз аҭаацәа роуп, еиҳарак аб. Аха амҩақәҵара ақәныҟәара зду ахәыҷы иоуп. Иара иани иаби ирҭо иҟәыӷоу алабжьарақәа дырзыӡырҩуазар, уи инарҵо рацәоуп, насгьы агхақәа маҷны иҟаиҵалоит (Ажәамаанақәа 1:8). Абиблиаҿы иануп: «Амҩақәҵара мап ацәызкуа аӷарреи апатудареи иниоит, аха ариашара здызкыло ҳаҭыр иқәзаауеит» (Ажәамаанақәа 13:18).
17. Ишԥарыхәҭоу аҭаацәа ахәыҷқәа анырааӡо аҭышәынтәалара аарԥшра?
17 Аҭаацәа ихбыџхахьоу рхәыҷқәа анырааӡо, иаадырԥшлароуп аҭышәынтәалара. Дара убриаҟара иџьбарамхароуп рхәыҷқәа ргәы иадмыргартә, насгьы рхы агәрагара рцәымӡыртә еиԥш (Кәаласаа 3:21). Аха аҭаацәа агәшаҭара аадмырԥшцәалароуп, избанзар усҟан ахәыҷқәа акрызҵазкуа ааӡара рыгхар ҟалоит. Ус еиԥш иҟоу агәшаҭара шәарҭахар ҟалоит. Ажәамаанақәа 29:17 аҟны иануп: «Дахьырхәла уԥа, усҟан иуҭоит агәҭынчра, насгьы агәахәара дуӡӡа узааигоит». Ажәеинраала 21 аҟны иануп: «Амаҵуҩы данқәыԥшу дурқьынцыцыр, патуқәҵара аазмырԥшуа иакәны дҟалоит». Ари ажәеинраалаҿы атәы иӡбахә шаҳәогьы, аҭаацәараҿы уи ахәыҷқәа зегьы ирыдукылар ҟалоит.
18. Иаанарԥшуазеи ааӡара, насгьы рхы зцәырыхьчозеи аҭаацәа рхәыҷқәа ииашаны ирааӡалар?
18 Ишахәҭоу ахәыҷы иааӡара иаанарԥшуеит аҭаацәа иара иахь ирымоу абзиабара (Ауриацәа 12:6, 11). Шәара ахәыҷы дшәымазар, ижәдыруеит шаҟа ицәгьоу уи еснагь ииашаны иааӡара. Ҳгәы иаанагар ауеит иԥагьоу ахәыҷы аҭаацәараҿы аҭынчра еилеимгарц азы ииҭаху ҟаиҵалааит ҳәа. Аха аамҭа анҵлак, ус ихәыцуа аҭаацәа еилыркаауеит рхәыҷқәа рызнымкыло ишыҟалаз (Ажәамаанақәа 29:15; Галаҭаа 6:9).
АУСУРЕИ АԤСШЬАРЕИ
19, 20. Ишԥарылшо аҭаацәа аҟәыӷара аарԥшра ахәыҷқәа рзы агәырҿыхагақәа ралхраҿы?
19 Анкьа аҩнтәи аусқәа рҿы ахәыҷқәа рҭаацәа ирыцхраалар рыхәҭоуп ҳәа иԥхьаӡан. Иахьа ахәыҷқәа хылаԥшрада ирымоу аамҭа рацәоуп. Уи аамҭа ахарҭәааразы, ари адунеи ирыднагалоит еиуеиԥшым агәырҿыхагақәа рацәаны. Ари адунеи аҿы ауаа абиблиатә гәаԥхашәатә нормақәа ишырзыҟоу уахь инацышәҵар, усҟан еилышәкаауеит арыцҳарақәа ахьынтәиаауа.
20 Иҟәыӷоу аҭаацәа агәырҿыхагақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара азин рхахьы иргоит. Ишәхашәмыршҭын ахәыҷы дшеизҳауа. Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа, иара дақәгәыӷуазар алшоит изызҳахьоу ауаҩы иеиԥш изныҟәалоит ҳәа. Убас ахәыҷы изҳацыԥхьаӡа, ибзиахон аҭаацәа агәырҿыхагақәа ралхраҿы еиҳаны иара ахақәиҭра ирҭаларц, уи иалхра доуҳала дшеизҳауа аанарԥшуазар. Зны-зынла ахәыҷы ииашамкәа иалихыр ауеит амузыка, аҩызцәа, уҳәа убас егьырҭгьы. Убас ихьзар, иацәажәара аҭахуп, иаԥхьаҟа иалхра иашахарц азы.
21. Дышԥахьчо ахәыҷы ҟәыӷарала ианалихуа агәырҿыхагақәа ирзикуа аамҭа?
21 Шаҟа аамҭа рзалхтәузеи агәырҿыхагақәа? Тәылақәак рҿы ахәыҷқәа ргәы иаанагоит иааҟәымҵӡакәа агәырҿыхара азин рымоуп ҳәа. Убри азы ахәыҷы иӡбар илшоит иаамҭа зегьы агәырҿыхагақәа ирзикыр ауеит ҳәа. Ани аби рхәыҷы идырҵароуп егьырҭ аусқәагьы аамҭа шрызктәу, иаҳҳәап аҭаацәа, хаҭалатәи аҭҵаара, аԥышәа змоу ақьырсианцәа рацәажәара, ақьырсиантә еизарақәа рҭаара, насгьы аҩны иду аусқәа. Уи иалнаршаӡом «аԥсҭазаара ахаара-бзаара» Анцәа Иажәа ахәаҽра (Лука 8:11—15).
22. Иззиклар акәзеи ахәыҷы иаамҭа агәырҿыхагақәа рыда?
22 Аҳ Соломон иҳәеит: «Сара еилыскааит аԥсҭазаараҿы ауаҩы изы агәырӷьареи абзиара аҟаҵареи иреиӷьу акгьы шыҟам. Ауаҩы акрифалар, акрижәлар, иџьабаа алҵшәа бзиа гәахәара изаанагалар шакәу. Ари Анцәа иҳамҭоуп» (Екклезиаст 3:12, 13). Ааи, агәырӷьара ари иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара иахәҭакуп. Аха иҟоуп аусурагьы. Аӡәырҩы ихбыџхахьоу изакәугьы рыздыруам аусура иунаҭо агәахәара, мамзаргьы уадаҩрак уанаиааилак иузцәырҵуа ахпатуқәҵара. Раԥхьаҟа рхы зланыҟәыргаша аԥышәеи азанааҭи аиура алшара ахәыҷқәа зегь ирымам. Ари зыӡбара цәгьоу акоуп аҭаацәа рзы. Шәахылаԥшуама шәара шәхәыҷы абас еиԥш иҟоу алшара иоурц? Шәара ишәылшар ахәыҷы аусура пату ақәҵареи бзиа абареи ирҵара, уи ииашаны дазнеилоит, иԥсҭазаараҿгьы ихәоит.
АХБЫЏ ИЗҲАУЕИТ
23. Ишԥарылшо аҭаацәа ахәыҷқәа ргәы ашьҭыхра?
23 Ахәыҷы иааӡараҿы ауадаҩрақәа шәызцәырҵуазаргьы, абиблиатә жәеинраала «абзиабара ахаан еиԥхьбара ақәым» шиашоу иаанхоит (1 Коринфаа 13:8). Ахаангьы ишәымҵәахлан шәхәыҷы иахь ишәымоу абзиабара. Анацәеи абацәеи рхы иазҵаар рылшоит: «Исырҽхәома сара схәыҷқәа зегьы ауадаҩрақәа, ма аԥынгыларақәа иахьыриааиуа азы? Схы иасырхәома аҭагылазаашьа маншәалақәа, сыбзиабареи сыџьшьареи схәыҷқәа рахь аарԥшразы, мамзаргьы уи саҩсыжьуама?» Зны-зынла аилибамкаара ҟаларгьы, ахәыҷқәа бзиа ишыжәбо агәра ганы иҟазар, даргьы бзиабарала ишәызныҟәоит.
24. Иарбан библиатә принципу ахәыҷқәа рааӡаразы изеиԥш ԥҟараны иаанхо, аха иаҳхаҳмыршҭлар акәзеи убри аамҭазгьы?
24 Ҳәарада, ахәыҷқәа еизҳацыԥхьаӡа, еиҳа-еиҳа рхатәы ӡбарақәа рыдыркыло иалагоит. Зны-зынла аҭаацәа иргәамԥхалар ауеит рхәыҷқәа ирыӡбаз. Иҟаҵатәузеи ахәыҷы Иегова имаҵура мап ацәикыр? Ус ҟалар алшоит. Иегова идоуҳатә шамҭақәаҵәҟьагьы илабжьара мап ацәкны иҿагылеит (Аҟазаара 6:2; ). Ахәыҷқәа — арҭ заа апрограмма рыҭаны, иуҭаху ҟарҵо, иузышьақәыргыло компиутерқәам. Дара хақәиҭрала алхра алшара змоу шамҭақәоуп, насгьы ирыӡбо азы аҭак Иегова рхаҭа ирҭоит. Ус шакәугьы, изеиԥш ԥҟараны иаанхоит Иуда 6Ажәамаанақәа 22:6 рҟны иану ажәа иашақәа: «Амҩа иаша дықәҵа арԥыс; уи дацәхьаҵӡом данажәлакгьы».
25. Иарбан зегь иреиӷьу знеишьас иҟоу аҭаацәа рзы, Иегова иахь аџьшьара аадырԥшырц ириҭаз аҭакԥхықәра азы?
25 Шәхәыҷқәа рахь абзиабара аашәырԥшла. Ишәылшо зегь ҟашәҵала, шәхәыҷқәа абиблиатә принципқәа инарықәыршәаны рааӡаразы. Анцәа гәыкала изыҟазаараҿы аҿырԥш бзиа рышәҭала. Ус ҟашәҵалар, шәхәыҷқәа ирышәҭоит алшара, урҭ аҭакԥхықәра злоу Анцәа ицәшәо ракәны еизҳарц. Ари зегь иреиӷьу лшароуп аҭаацәа рзы, Иегова аҭакԥхықәра ахьриҭаз аџьшьара аадырԥшырц.