Ихадоу аматериалқәа рахь аиасра

«Сара шәанбасзасуеи ҳәа сыԥшын»

«Сара шәанбасзасуеи ҳәа сыԥшын»

 Ед иԥшәмаԥҳәыс Џьеннии иареи ҭелла ажәабжь аҳәара раԥхьаӡа акәны 2010 шықәсазы иалагеит a. «Сара уи зынӡа исгәамԥхаӡеит, — лҳәоит Џьенни. — Схаҵа иасҳәеит: „Уаҳа аӡәгьы сизасӡом“». Едгьы убри аҩыза ацәаныррақәа иман. Иара иҳәоит: «Сара аҭел иасны ак ансыдыргало бзиа избаӡом. Убри аҟынтә исҭахӡамызт исзымдыруаз ауаа рахь асра».

 Апандемиа COVID-19 аналага, Иегова ишаҳаҭцәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара иаҟәыҵит. Аха Иисус Христос ирыдиҵаз анагӡара иаҟәымҵӡеит. Ажәабжь бзиа егьырҭ ирзеиҭарҳәаларц азы даҽа знеишьақәак рхы иадырхәо иалагеит, еиҳарак асаламшәҟәқәа рыла ма ҭелла (Матфеи 24:14; 28:19, 20). Уи аамҭазы ақьырсиантә еизарақәеи ажәабжьҳәаратә еиԥыларақәеи видеоконференциала имҩаԥысуан. Ҽнак ажәабжьҳәаратә еиԥылара ашьҭахь Ед агәымшәара аарԥшны изымдыруаз аномер ахь дасит. Ихы шԥеибоз иара? «Сгәы ҭыҵны ицон, — еиҭеиҳәоит иара, — убри аҟынтә ацхырааразы Анцәа сиҳәан, аҭел сасит. Тироун зыхьӡыз хаҵак ишьҭихит b».

 Тироун иԥшәмаԥҳәыс Едити иареи нхоит ақыҭараҿы, аштат Кентукки (Еиду Аштатқәа). Тироун 80 шықәса дырҭысхьеит, илақәагьы цқьа ирбаӡом. Аха Ед ҭелла Абиблиа аҵара анидигала, дақәшаҳаҭхеит. Ирҵоз аматериал Тироун ирааигәаны иузырбо асаркьа ала даԥхьон.

 Мызкы ашьҭахь Тироуни Едити аҭыԥантәи аизара иаҭаауа иалагеит. Аха аинтернет ахьрымамыз азы ҭелла иазыӡырҩуан. Избан Едитгьы аинтерес злызцәырҵыз?

 Абиблиа аҵараан Еди Џьеннии ираҳауан Едит Тироун дышицхраауаз аҭак аҟаҵареи абиблиатә жәеинраалақәа рыԥшаареи. Аха лхаҭа Абиблиа аҵара лҭахӡамызт. «Лыбжьала еснагь иубарҭан лгәы каҳаны дшыҟаз, — лҳәоит Џьенни. — Еди сареи уи зыхҟьоз ҳзеилкааӡомызт».

Еди Џьеннии ҭелла ажәабжь рҳәоит

 Ҽнак Тироун Абиблиа аҵара данахысуаз, Џьенни даараӡа илҭаххеит Едит длацәажәарц. Ианыманшәалаз аамҭазы Ед аҭел имылхын: «Тироун, шәыԥшәма лыбжьы саҳауеит. Исҭахын абиблиатә жәеинраала даԥхьарц, насгьы уи аганахьала лгәаанагара лҳәарц», — лҳәеит лара.

 Минуҭқәак рышьҭахь Едит лыбжьы хааӡа игеит. «Сшәацәажәар сҭахуижьҭеи кыр ҵуеит, — лҳәеит лара. — Сара Иегова ишаҳаҭ соуп, аха абар 40 шықәса ҵуеит аизарахь сымныҟәоижьҭеи».

 Џьенни ари аҩыза дақәгәыӷуамызт. «Ус анакәха ҳаиҳәшьцәазаап!» — ҿаалҭит лара, анаҩс рҩыџьагьы амхаҵәыуеит.

 Хара имгакәа Ед Едит аброшиура «Вернись к Иегове» лиҭеит. Мчыбжьқәак рышьҭахь Еди Џьеннии игәарҭеит Едит лыҽшылԥсахыз. «Уаанӡа лыбжьы лгәы каҳаны дшыҟаз аныԥшуан, — иҳәоит Ед. — Уажәшьҭа лгәалаҟазаара бзиоуп». Едит доуҳала деизҳаит. Уажәы дгәырӷьаҵәа абиблиатә жәабжь ауаа ирылалҳәоит. Лыԥшәмагьы ииуль 2022 шықәсазы аӡы иҽӡааихын, Иегова ишаҳаҭ иакәхеит.

 Ед уаанӡа ҭелла ажәабжь аҳәара дшазыҟаз анигәалашәо, Тироуни иареи реицәажәара ихахьы иааиуеит. Иара Тироун Иоанн 6:44 данизаԥхьа, насгьы аҵабырг ахь ауаа аазыԥхьо Иегова шиакәу аниеиҳәа, Тироун уи дақәшаҳаҭхан, ус иҳәеит: «Сара шәанбасзасуеи ҳәа сыԥшын». Еди Џьеннии ҭелла ажәабжь аҳәара ишшәозгьы, ирымаз ашәара иахьаиааиз иеигәырӷьоит. Џьенни илҳәоит: «Иегова изы ак аныҟаҳҵо, уи ҳцәыцәгьазаргьы, иара хымԥада даҳзылԥхоит».

a Иегова ишаҳаҭцәа ауаа ирызку аинформациа ахьчаразы иҟоу азакәанқәа ирықәныҟәоит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.